Ԥхынгәымза 4 1975 шықәса рзы Афонҿыцтәи аҳаԥаҿы раԥхьатәи аекскурсиа рзымҩаԥыргеит Аԥснытәи Аобком актәи амаӡаныҟәгаҩ Валери Хын
Ԥхынгәымза 4 1975 шықәса рзы Афонҿыцтәи аҳаԥаҿы раԥхьатәи аекскурсиа рзымҩаԥыргеит Аԥснытәи Аобком актәи амаӡаныҟәгаҩ Валери Хынҭәбеи 100-ҩык инарзынаԥшуа Аԥсны аиҳабыра ахаҭарнакцәеи.
“Иахьа уажәраанӡа исгәалашәоит снапқәа хьшәашәаӡа ишыҟаз... Аиҳабыраҿы аус зуаз рҿы хәыҷык иԥхасшьон, сагьшәеит, аха инасыгӡеит сус сыцәгьамкәа“, — ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит уи мҩаԥызгаз Лиудмила Ҭаниаԥҳа.
Ари аофициалтә аартра ҟалаанӡа мызки бжаки шагыз раԥхьаӡа акәны аԥсышәала аекскурсиа еиҿкаан 1975 шықәса лаҵарамза 11 рзы.
Уи мҩаԥызгаз Лида Хәарцкьиаԥҳа ишеиҭалҳәо ала, усҟан аиҳабыра иҟарҵаз аҳәарала ҷыдала ирыдыркылеит Аԥсны абыргцәа реизара алахәылацәа. Лара лажәақәа рыла, дара аумак ала ргәы иахәеит аԥсуа бызшәала аҳаԥы ауаҩы ибжьы ахьҭыҩыз, лаб иҟны иацны иҭабуп ҳәагьы иарҳәеит.
Циала Лакәыиаԥҳа лакәзар, лгәалашәараҿы иаанхеит ҭырқәтәылантәи уи ашықәсан иааны иҟаз ҳџьынџьуаа аҳаԥы раҭаара иаҵаз ацәанырра ԥхақәа.
Аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рыхҩыкгьы иахьа уажәраанӡа Афонҿыцтәи аҳаԥаҿы аус руеит.
Source: Sputnik А?сны