Ԥхынгәымза 17 инаркны цәыббрамза 1 аҟынӡа Аҟәа ақалақь аҿы 1895 обиект инареиҳаны ргәаҭарақәа мҩаԥган афымцамчҳақәа закәанла ирҿ
Ԥхынгәымза 17 инаркны цәыббрамза 1 аҟынӡа Аҟәа ақалақь аҿы 1895 обиект инареиҳаны ргәаҭарақәа мҩаԥган афымцамчҳақәа закәанла ирҿаԥшьу ирҿаԥшьыму аилкааразы ҳәа адырра ҟаиҵеит Аҟәатәи афымцаҳақәа рынџьныр хада Алексеи Строчан аенергетикатә шәарҭадараз аштаб аилатәараҿы.
Уи иажәақәа рыла, 1620 хатәыҩнқәеи 152 уаҭахи рҿы агәаҭарақәа мҩаԥган.
Аспециалистцәа аилагарақәа 132 алыркааит. Урҭ реиҳарак зыхҟьо аҳа амадаразы атехникатә ҭагылазаашьақәа рыҟамзаареи хаԥышәала рыҽрымадарақәеи роуп.
Source: Sputnik А?сны