Атуризм аминистрра аицлабра “Аԥсны акадр аҿы“ аиааира згаз рыланаҳәеит

Атуризм аминистрра аицлабра “Аԥсны акадр аҿы“ аиааира згаз рыланаҳәеит. Аицлабра иалахәын 60-ҩык инареиҳаны абаҩхатәра злоу арҿиаҩцәа, урҭ Аԥсны аԥсабареи, акультуреи, атрадициақәеи, атуризми ирызку 90-ҟа видеонҵамҭа хәыҷқәа рыдыргалеит. Ажиури иреиӷьу аусумҭақәа 10 алнахит еиуеиԥшым аноминациақәа рыла: ▫️“Аԥсны ахәыҷқәа рыблала“ — Соломони Саломеиеи Ашәаа, ▫️“Адунеи аҿы акаҳуажәразы зегь иреиӷьу аҭыԥ азы“ — Бжьаниа Амиран, ▫️“Астиль азы“ — Чхаиӡе Ҭина, ▫️“Атмосфереи ахәаԥшышьеи рзы“ — Рудневскаиа Марина, ▫️“Аҟәа абзиабаразы“ — Аршԥҳа Лера, ▫️“Илашоу аԥшшәқәа рзы“ — Маинкова Татиана, ▫️“Иҿыцу аԥшӡара аартразы“ — Абыхәба Саид, ▫️“Аԥырра агәаӷьразы“ — Бобрусев Дмитри, ▫️“Амилаҭтә гьама азы“ — Капуз Владимир, ▫️“Иҵару акадр азы“ — Агрба Леон. Аиааира згаз адипломқәеи агәаларшәаратә ҳамҭақәеи ранашьан. Аицлабра хықәкыс иамоуп Аԥсны атуристтә лшарақәа раарԥшреи авидеоконтент ала ахьӡ ашьҭыхреи. Source: Sputnik А?сны
Back to Top